Саломе Зурабишвили – Агәра ганы сыҟоуп аӡәгьы ахаангьы Қырҭтәыла шьҭахьҟа архынҳәра шилымшо
Саломе Зурабишвили – Агәра ганы сыҟоуп аӡәгьы ахаангьы Қырҭтәыла шьҭахьҟа архынҳәра шилымшо

Қырҭтәыла асолдаҭцәа! Иреиҳаӡоу шәҧыза хада шәара шәахь ааҧхьара ҟасҵоит,  Қырҭҭәылеи уи ахьыҧшымреи зыхьчо,  иахьа ҭоуба зуз,  Қырҭтәылеи зиааира ҟамло ақырҭуа жәлари рымаҵ аура иазыхиоу  шәара шәахь ааҧхьара ҟасҵоит. Иахьа ҳажәлар, ашәышықәсақәа рацәа рышьҭахь, ажәыларақәеи ампыҵахалара аҽазкрақәеи рацәа рышьҭахь, иахьа рхы иақәиҭны, рхы шьҭыхны,  рҽырҕәҕәаны  игылоуп,  — уи шәара ишәыбзоуроуп,  уи ҳазынтәгьы ҳаихьӡароуп», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Қырҭтәыла Аҳхьыҧшымра амш иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатә аҿы.

Саломе Зурабишвили лҳәамҭала, иахьа абиҧара ҿыц иаадырҧшыз агәыҕьрала Қырҭтәыла ҿыц ашьақәгылара иаҿуп.

«Иахьа шәара шәыбзоурала,  абиҧара ҿыц ргәалаҟазаара абзоурала,  Қырҭтәыла ҿыц ашьақәгылара иаҿуп. Аҭоурыхаҿ изныкымкәа ишыҟалахьоу еиҧш,  Қырҭтәыла уажәгьы ахатә хаҿсахьаҵәҟьа  аанарҧшит  – ашәареи,  ашьыцреи,  ацәымҕреи ахьыҟам ахаҿсахьа.  Атәыла амчхара ҿыц аиуеит, уи ажәа ҿыци, азнеишьа ҿыци, агәымшәареи, абзиабареи, акзаареи, аҳаҭыри иахылҵуеит, ари апроцесс аӡәгьы изааникылом.  Қырҭтәыла  атәым ахаҵарала,  атәым догмақәеи ашьамҭлаҳәқәеи рыла анхара иадазцалаша акгьы иҟам. Убри азоуп агәра ганы сзыҟоу аӡәгьы ахаангьы Қырҭтәыла шьҭахьҟа архынҳәра шилымшо», — илҳәеит  Зурабишвили.