Саломе Зурабишвили - Аҵыхәтәантәи ашқәсқәа рзы еилкаам ашьаҿақәа рыла ҳнапхгара адәныҟатәи ҳхықәкы иаҿагылоит, Гаврилов ивизит ашьҭахь азҵаарақәа рацәаны еиҭацәырҵит
«Аҵыхәтәантәи ашқәсқәа рзы еилкаам ашьаҿақәа рыла ҳнапхгара адәныҟатәи ҳхықәкы, жәлар рмандат ирҿагылоит, Гаврилов ивизит ашьҭахь азҵаарақәа рацәаны еиҭацәырҵит », — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили апарламент аҿы есышықәсатәи ақәгылараан.
Саломе Зурабишвили лажәақәа рыла, иахьа иҟоу анапхгара есымша аԥштәы рыԥсахуеит.
«Ажәлар рҭахреи ажәлар рҟынтә ишәымоу амандат шәхашәыршҭит, ари ишәасымҳәар сылшом. Иахьа, шәара аҽеиҭакра иаҿу анапхгара шәоуп. Аҳәынҭйарратә институтқәа рырӷәӷәара ацынхәрас, апартиазаҵәыктәи асистемеи уи анырреи ӷәӷәахеит. Ирццакы ишәыдышәкыаз азакәанқәа адемократиа арӷәӷәара акәым, анапхгара аҿҳәара ауп хықәкыс ирымоу. Атәыла аԥеиԥш азы ихымԥадоу аӡбарҭа ареформа амҩаԥгара уадаҩхеит», — илҳәет Зурабишвили.
Ахада лажәақәа рыла, «Ақырҭуа гәахәтәы» еиԥшым аполитикатә гәаанагарақәа змоу ауаа алҵуеит.
«Аҵыхәтәантәи ашқәсқәа рзы еилкаам ашьаҿақәа рыла ҳнапхгара адәныҟатәи ҳхықәкы, жәлар рмандат ирҿагылоит
2019 шықәсазы Гаврилов данаажәга ашьҭахь, атәыла адәныҟатәи акурс иадҳәаланы азҵаарақәа рацәаны еиҭацәырҵит, акурс аԥсахра 2021 шықәсазы алагеит, усҟан апартиа дахагылаз Биӡина Иванишвили ақырҭуа политика далҵит. Уантә атәылаҿ акурс ҿыц азы аҭак зыԥхықәу ахаҿқәа рганахьала еилкаам аҭагылазаашьа шьақәгылеит.
Ҿырԥштәыс аазгар сҭаху Евроеидгыла ахеилак анапхгаҩы иаҳаҭыр аларҟәра, иара идокумент аԥыхра, уҳәа убас егьырҭ. Усҟан евроеидгыла аҟынтә акредит аҭаразы мап ҳауит. Шәара антиевропатәи ариторика шәҟәыҵуам, ҳпартниорцәа ахара рыдышәҵоит», — илҳәеит Саломе Зурабишвили апарламент аҿы даныҟәгылоз.