Саломе Зурабишвили – Абри ииашам алҵшәа абас аӡәгьы иаанижьуам, ҳара ҳаидгылоуп, ҳабжьы ада уаҳа акгьы ҳамам
«Шәара, иахьа абра иҟоу, алхрақәа рҿы шәаҵамхеит. Шәыбжьы шәцәырҕьычит, шәҧеиҧшгьы шәцәырҕьычыр рҭахын, аха, уи азин аӡәгьы имам», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили апарламент аҧхьа имҩаҧысуа амитинг аҿы данықәгылоз.
Саломе Зурабишвили лҳәамҭала, лара европатәи амҩаҿы аҵыхәанӡа амитинг алахәылацәа дрыдгылазаауеит. Атәыла ахада ишылҳәаз ала, аҳәаанырцәтәи аофициалтә хаҿқәа рҟны активла аимадара лымоуп.
«Зегьы акоуп иҳарҳәо, раҧхьа иргыланы, арҭ алхрақәа аӡәгьы иазхеиҵом, зегьы иҳарҳәоит аусеилыргара шынагӡатәу, аҵыхәанӡа ишнагатәу. Уи азыҳәан жәларбжьаратәи адгылара ҳаур ҳалшоит. Ари апроцесс активла иалахәып амониторингтә аиҿкаарақәеи, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи, ҳполитикатә партиақәеи. Ҳазынтәгьы, ҳаидгыланы, лабҿаба иааҳарҧшыроуп зеиҧшҟамлац аҕьычра шыҟалаз, ҳабжьқәеи, апарламенти, Аконституциеи ҳцәызҕьычыз абри аоперациа ду заанаҵы еиҿкаан. Ҳара алҵшәақәа рышьақәыргыларазы аусура ду мҩаҧаҳгароуп, анеҩс, арҭ алҵшәақәа рынагӡара ҳаҳәоит», — илҳәеит Зурабишвили.