Саломе Зурабишвили - Аԥыза-министр ҿыц иахь ааԥхьара ҟасҵоит, апарламент ахь Гаврилов инашьҭра, Шарль Мишель идокумент аԥыхра, антиевропатәи риторика шәыхьӡ иадҳәалоуп, ауаажәлар европатәи рыдҵа анагӡара ишԥашәылшои
Амчра знапаҿы иҟоу – аиҳабыреи, апарламенттә аиҳареи, урҭ рнапхгаҩы Биӡина Иванишвилии ауалԥшьа хадеи аҭакԥхықәреи ирыдуп, дара ируалуп жә-абжьагарак рынагӡара, – иләҳеит Қырҭҭәыла ахада Саломе Зурабишвили апарламент аҿы есышықәсатәи аҳасабырбала данықәгылоз.
Саломе Зурабишвили лажәақәа рыла, аԥыза-министр ҿыц заанаҵы ахәшьара иҭара илцәыуадаҩхоит.
„Атәыла аҳасаб ала аԥыза-министр ҿыц ахәшьара иҭара исылшом, аха ари атрибуна аҟынтә ауааԥсыра иргәамҵуа хымԥада исҳәароуп. Аԥыза-министр ҿыц иахь ааԥхьара ҟасҵоит, апарламент ахь Гаврилов инашьҭра, Шарль Мишель идокумент аԥыхра, антиевропатәи риторика, ахада иимпичмент шәыхьӡ иадҳәалоуп, ауаажәлар европатәи рыдҵа анагӡареи алхрақәа рҟынӡа абжьагарақәа рынагӡареи ишԥашәылшои?
Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилаки Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи реилазаашьа аԥсахра аплани, аконсенсусла алхратә администрациа ашьақәыргылареи, антикоррупциатә маҵзура аусԥшааразы азини ахақәиҭреи рыҭареи, Амилаҭтә банк ахақәиҭреи рыҭара аҿҳәарақәа иахьану аплан ҳадыжәгалома? Ари аԥыза-министр ма апарламент сразҵаауам, атәыла иреалу анапхгаҩы сиазҵаауеит”, – илҳәеит Зурабишвили.