Саломе Зурабишвили - Аԥаҳҵап ахартиа "Акзааратә платформа Европазы"
Саломе Зурабишвили - Аԥаҳҵап ахартиа "Акзааратә платформа Европазы"

Ишәдыруазароуп, атәылеи иааԥсаз ҳуааԥсыреи хыркәшара змам аибарххара, аибарфара абареи, хыркәшара змам ареваншқәеи рбара  аҭахым, – илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили апарламент аҿы данықәгылоз

Ахада лажәақәа рыла,

„Ари атрибуна аҟынтә ишәыдаагалоит аиқәырхаразы аформула, иуникалу ашанс. Атәылаҿ акзаара ҳҭахуп. Ишәдыруазароуп, атәылеи иааԥсаз ҳуааԥсыреи хыркәшара змам аибарххара, аибарфара абареи, хыркәшара змам ареваншқәеи рбара  аҭахым, атәылаҿ аҭынчра шьақәгылароуп, атәыла аперспективақәа аарԥштәуп. Аԥаҳҵап ахартиа “Акзааратә платформа Европазы”. Ари аплатформа аԥҵаразы аҭакԥхықәра ахахьы згар сазыхиоуп“, – илҳәеи Зурабишвили.