Саломе Зурабишвили - Авето ақәысҵоит, аха аманипулиациақәа рҽалархәра сгәы иҭам
Саломе Зурабишвили - Авето ақәысҵоит, аха аманипулиациақәа рҽалархәра сгәы иҭам

Иацы Қырҭтәыла адунеи зегьы анарбеит европатәи аԥеиԥш ҭынч мҩала ахьчара шалшо, урыстәылатәи азакәан адкылара шаҿагыло, — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили.

Ахада лажәақәа рыла, ари азакәан авето хымԥада ақәылҵоит.

“Авето ақәысҵоит, аха аманипулиациақәа рҽалархәра сгәы иҭам. Ари азакәан аҿы ак шәыԥсахыр шәҭахума? Шәара шәхала ишәыӡбароуп: ма ари азакәан адкылара мап ацәышәкроуп, ма аҩбатәи аԥхьарашҟа идырхынҳәны, апарламент аҿы иҟоу оппозициаа ргәаанагара шәазыӡырҩыроуп. Аха зегь реиҳа имариоу абри ауп – азакәан амч аиура шәара шәхала абҵаразы ииажәгароуп, алхрақәа рҿы аиааира зго амч ари азакәан алахьынҵа ахала аӡбоит. Азакәан “арыцқьаразы” шәыхәмарра салахәхоит ҳәа шәгәы ианамгааит, мап. Ари аурыс закәануп, аурыс закәаны иаанхоит, шәаргьы ари азакәан шәыманы”, – илҳәеит Зурабишвили.