Саломе Зурабишвили Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәарҭаҿ иаартыз адашшыларатә шәҟәы аҟны анҵамҭа ҟалҵеит
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәарҭаҿ иаартыз адашшыларатә шәҟәы аҟны анҵамҭа ҟалҵеит.
Саломе Зурабишвили Қырҭтәыла иҟоу Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ҭырқәтәыла иҟалаз арыцҳара ду иадҳәаланы диашшылеит.
Ҭырқәтәыла арбгаратә адгьылҵысра ҟалеит жәабран 6 ашырҧазы. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, атәылаҿ иҭахеит 9 057ҩык, урҭ иреиуп х-ҩык Қырҭтәыла атәылауаа.