Рухи иҟоу Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы аритмологиа аҟәша ҿыц аартуп, ачымазаҩцәа аритмиа ахәышәтәратә процедурақәа рзымаҩԥгара иалагахьеит.
Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, ари асервис арегион аҿы апрецедент амаӡам, абри еиԥш атехнологиа ҳаракқәа рыла еиқәыршәоу акардиологиатә сервис Қарҭ акәым, арегионтәи аклиникаҿы иҟалоит.
Қарҭынтәи иааԥхьоу аспециалистцәа ачымазаҩцәа рыдыркылоит.
«Аклиника астратегиатә ҭыԥ абзоурала, ари аклиникаҿ иҟоу асервисқәа аҭыԥантәи ауааԥсыреи импыҵахалоу атерриториақәа ирықәынхо атәылауааи рхы иадырхәар рылшоит», – иануп Агәабзиарахьчара аминистрра аҳәамҭа аҿы.