Абахҭаҿ имлашьуа ахада ари атәыла арбгара дасимволхоит, – иҳәеит Гиги Угулава Руставтәи 12-тәи абахҭа аԥхьа имҩаԥысуа аҿагыларатә акциаҿ данықәгылоз.
Акциа алахәылацәа идҵаны иқәдыргылоит ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили атәылауаҩратә хәышәтәырҭахь дииаргарц. Гиги Угулава акциаҿ еизаз ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Михил Саакашвили идгыларц.
“Абра ҳаизеит ауаҩы иԥсҭазаара аиқәырхаразы. Ауаҩы иԥсҭазаара аиқәырхара ҳконституциатә ҭакԥхықәроуп. 36 мшы имлашьуа ауаҩы изы шәыбжьы аҵак ду амоуп, шәыдгылара иҭахуп,” – иҳәеит Гиг Угулава.