Руслан Стефанчук – Швециа Алианс ианалалак ашьҭахь Украина НАТО 33-тәи алахәылас иҟалар аҭахуп
Руслан Стефанчук – Швециа Алианс ианалалак ашьҭахь Украина НАТО 33-тәи алахәылас иҟалар аҭахуп

«Швециа Алианс ианалалак ашьҭахь Украина НАТО 33-тәи алахәылас иҟалар аҭахуп», — иҳәеит Иреиҳаӡоу Рада аспикер  Руслан Стефанчук «Украинскаиа правда» аинтервиу аҿы.

Украинатәи апарламент аспикер ишазгәеиҭаз ала,  Украина НАТО иалалар аҭахуп  Финлиандиеи  Швециеи рзы иҳәаақәҵаз апроцедурала.

«Финлиандиа  НАТО ианалала ашьҭахь, Финлиандиа изхысыз апроцесс ақәныҟәара ҳазыхиоуп, абри аҩыза «афинлиандизациа» ҳақәшаҳаҭуп. Жәабран 24 ашьҭахь Финлиандиа НАТО  31-тәи алахәылас иҟалеит, хара имгакәа Швециа  32-тәи алахәылас иҟалап ҳәа сгәыҕуеит. Ҳара  Финлиандиеи Швециеи изхысыз амҩа ҳахысны, НАТО  33-тәи алахәылас ҳҟалар ҳҭахуп», — иҳәеит  Стефанчук.