Русҭавтәи Сакребул (ақалақьтә аизара) иахьатәи аилатәараҿы Сакребуло ахантәаҩы Нодар Шерозиа аусура дамырхит. Иамхра иадгылеит 18ҩык Сакребуло адепутатцәа.
Мышқәак раҧхьа, Русҭави ақалақьтә аизараҿы иҟоу «Ақырҭуа гәахәтәы» афракциа алахәылацәа изаамҭаным аилатәара амҩаҧгара иаҳәеит, уи аҿы Сакребуло ахантәаҩи, ихаҭыҧуааи, акомиссиақәа рхантәаҩцәеи рамхра азҵаара иахәаҧшыр акәын.
Афракциа «Ақырҭуа гәахәтәы» аҳәамҭа ишану ала, Русҭавтәи Сакребуло ҩышықәса рыҩныҵҟа ахатә ҧхықәрақәа нанагӡомызт, асаботаж аҽазкра иҟан, абиуџьет ашьақәырҕәҕәареи апроектқәа рынагӡареи иаҧырхаган.
Гахариа ипартиа «Қырҭтәыла адгыларазы» ахантаҩы Нодар Шерозиа Русҭавтәи Сакребуло ахантәаҩыс далырхит 2022 шықәсазы. Иара икандидатура иадгылеит «Амилаҭтә ҵысреи» Гахариа ипартиеи рхаҭарнакцәа.