Розариа Пуглис – Қырҭтәыла  НАТО иалалоит,  атәылаҿы убри азыҳәан апрактикатә механизмқәа зегьы иҟоуп
Розариа Пуглис – Қырҭтәыла  НАТО иалалоит, атәылаҿы убри азыҳәан апрактикатә механизмқәа зегьы иҟоуп

 

Ахыхьчареи ашәарҭадареи рзы апарламенттә комитет аҿы НАТОи Қырҭтәылеи рпартниорра иазку азыӡырҩра мҩаҧысуеит.

Акомитет алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылеит Қырҭтәыла иҟоу НАТО аофис анапхгаҩы Розариа Пуглиз.

«Қырҭтәыла —  зегьы реиҳа НАТО иазааигәоу апартниорцәа иреиуп. Ҳара аполитикатәи апрактикатәи усеицура ҕәҕәа ҳабжьоуп. Қырҭтәыла Афганистан имҩаҧысуа НАТО амиссиа ахадаратә алахәылацәа иреиуп. Ҳара уи ахә ҳшьоит.

Қырҭтәыла НАТО иалалоит, атәылаҿы убри азыҳәан апрактикатә механизмқәа зегьы иҟоуп.  Атәылауаа реиҳара абри ахықәкы иақәшаҳаҭуп. Аха, ҳара агәра ганы ҳаҟазароуп абри адгылара ишҭышәынтәалоу, ауаа НАТО иазкны аинформациа шырдыруа. Ари азҵаара адемократиатә тәылақәа зегьы рҿы аҵакы ду амоуп, аха, Қырҭтәылаҿ ари азҵаара  аҵакы ҷыда амоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ауаа аҭагылазаашьа зеиҧшроу рдырузароуп, ҳара иҟаҳҵо рдыруазароуп», — илҳәеит Розариа Пуглис.