"Роитер" - Ирак арратә базаҿ аҭыԥ змамз ажәылараан америкатәи аруаа ихәит
"Роитер" - Ирак арратә базаҿ аҭыԥ змамз ажәылараан америкатәи аруаа ихәит

Ирак арратә базаҿ аҭыԥ змамз ажәылараан америкатәи аруаа ихәит, – аанацаит “Роитер” америкатәи аофициалтә хаҿқәа рҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

Аофициалтә хаҿқәа рдыррақәа рыла, аракетатә жәылара Ирак иҟоу Аль-Асадтәи абаза аганахьала мҩаԥган. Ажәылара мҩаԥган “Катюша” аракетақәа рыла.

Иҳаҩсыз амчыбжь азы ЕАШ Ирак аганахьала ажәылара мҩаԥнагеит. Америкатәи аган аинформациала, ажәылараан америкатә акоалициатә мчқәа рзы ишәарҭаз, дронқәа рыла ажәылара амҩаԥгара згәы иҭаз аибашьцәа иршьит.

ЕАШ ргәы шанаго ала, сааҭқәак ирылагӡаны Џьамтәылеи “Ҳезболлеи” Израиль аганахьала ажәылара мҩаԥыргоит.

Тегеран, “Ҳамас” аполитикатә лидер Исмаель Ҳание ишьра ашьҭахь, Џьамтәыла Израиль иақәмақаруеит.