"Роитер" - Барселона, палестинаа рыдгылаҩцәа аихамҩатә ааҭгылара мчыла аҭалара ақәыркит
"Роитер" - Барселона, палестинаа рыдгылаҩцәа аихамҩатә ааҭгылара мчыла аҭалара ақәыркит

“Роитер”информациала, Барселона, палестинаа рыдгылаҩцәа аихамҩатә ааҭгылара мчыла аҭалара ақәыркит.Акьыԥхь ишаанацҳауа, аполициа ақалақь ихадоу аихамҩатә ааҭгылара агәашәқәа адыркит, амитинг алахәылацәа ирҿагыланы рхы иадырхәит асаԥарқәеи алабақәеи.

Палестинатәи адеморстрациақәа иацы Европа ақалақьқәа рҿы мҩаԥган. Лондон палестинаа рыдгыларатә ныҟәара рхы аладырхәит 300000-ҩык рҟынӡа. Аамҭакала имҩаԥысуаз ультраарӷьаратәиқәа ракциаҿ аанкылан 120-ҩык.

Палестина адгыларатә акциақәа мҩаԥган Бриуссели, Парижи, Венеи, Берлини рҿы.