"Роитер" аинформациала, Украина иазку аҳәамҭа ахьыҟаиҵаз азы, Румыниа Атәылахьчара аминистр инапынҵақәа шьҭеиҵеит
"Роитер" аинформациала, Украина иазку аҳәамҭа ахьыҟаиҵаз азы, Румыниа Атәылахьчара аминистр инапынҵақәа шьҭеиҵеит

Украина иазку аҳәамҭа ахьыҟаиҵаз азы, Румыниа Атәылахьчара аминистр Василе Динку инапынҵақәа шьҭеиҵеит. Ари атәы аанацҳаит “Роитер”.

Василу Динку иажәақәа рыла, Румыниа ахада ақәыӷәӷәара афон аҿы аусеицура илшом, ари ақәыӷәӷәара алагеит Украиназы аибашьра ахыркәшаразы шанс заҵәык Урыстәылаҟны аиҿцәажәара ауп ҳәа  Дику иҟаиҵаз аҳәамҭа ашьҭахь.

Жьҭаара алагамҭазы Румыниа Атәылахьчара аминистр Василе Динку иҟаиҵаз аҳәамҭала, краиназы аибашьра ахыркәшаразы шанс заҵәык Урыстәылаҟны аиҿцәажәара ауп. Ари аҳәамҭа иадҳәааны ахада Клаус Иоҳанис иазгәеиҭеит: “Аибашьраҿ Урыстәыла Украина ақәлеит, украинаа ршьа каҭәоит. Аиҽцәажәара алагареи алагамреи ирызку аӡбара адкылара зин Украина заҵәык амоуп. Ари апозициа ҳофициалтә позициоуп, абас ихәыцуеит Евроеидгылаҿ”, – иҳәеит Румыниа ахада.