"Роитер" аинформациа ала, Польшеи Украинеи рҳәааҿ иҟалаз аԥжәараан ҩыџьа ҭахеит
"Роитер" аинформациа ала, Польшеи Украинеи рҳәааҿ иҟалаз аԥжәараан ҩыџьа ҭахеит

“Роитер” аинформациа ала, Польшеи Украинеи рҳәааҿ иаԥны ақыҭа Пшеводов аҿы иҟалаз аԥжәараан ҩыџьа ҭахеит.

“Амцарцәаҩцәа аҭыԥ аҿы арежим ҷыдала аус руеит, иҟалаз макьана идырым”, – “Роитер” ахь ааицҳаит амцарцәаҩцәа руаӡәы.

Уаанӡа польшатәи аихқәа ишаарыцҳаз, урыстәылатәи ҩракетак Польша аҵакырадгьыл аҿы каҳаит. Аихқәа ишаарыцҳащ, сааҭқәак раԥхьа Польша аԥыза-министр ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит. Ашәарҭадаратә хеилак амҩаԥгара аофициалтә амзыз идырым.