"Роитер" аинформациа ала, адунеи 20 тәыла рыԥшыхәратә маҵзурақәа Сингапур маӡала еиԥылеит
"Роитер" аинформациа ала, адунеи 20 тәыла рыԥшыхәратә маҵзурақәа Сингапур маӡала еиԥылеит

“Роитер” аинформациа ала, адунеи 20 тәыла рыԥшыхәратә маҵзурақәа Сингапур маӡала еиԥылеит.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, аиԥылара  Shangri-La ашәарҭадаратә диалог еицтәараны мҩаԥган.

Аԥшыхәратә маҵзурақәа рнапхгаҩцәа реиԥылара иазку адырра ҵыԥх аларҵәара амамызт. Аихқәа ишаарыцҳаз, аиԥылара ихы алаирхәоит ЕАШ амилаҭтә ԥшыхәратә маҵзура адиректор Аврил Ҳеинс. Аиԥылара рхы аладырхәит Китаи Индиеи рхаҭарнакцәагьы. Аиԥылараҿ дыҟамызт Урыстәыла ахаҭарнак.

Аиԥылараҿ ирыхәаԥшыз атемақәа ирун Украина ицо аибашьреи атрансмилаҭтә ацәгьоуреи.