Робин Данниган – Згәыдурала иазгәасҭар сҭахуп Қырҭтәыла апенитенциартә системаҿы имҩаҧгоу ареформақәа
«Хымчыбжь раҧхьа Қырҭтәыла саҭааит, апартниорцәа рацәа сырҧылеит, арҭ аиҧыларақәа раан изныкымкәа иазгәасҭеит ҳхаҭарнакра хықәкыс иамоу, ҳара Қырҭтәылаҟны апартниорра наҳагӡар ҳҭахуп», – илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Робин Данниган.
Ацҳаражәҳәаҩ дықәгылеит «Абаандаҩцәеи аҿҳәаранӡа иоурыжьҭыз ауааҧсыреи реиҭашьақәыргылареи рресоциализациеи апроцессаҿ аҿыцҧшьгарақәа» захьӡу аконференциаҿы.
«Згәыдурала иазгәасҭар сҭахуп Қырҭтәыла апенитенциартә системаҿы имҩаҧгоу ареформақәа. Ҳаҭыр зқәу аминистр, шәара хазхаҭалатәи хықәкылатәи азнеишьа шәалацәажәеит, абри аус аус злоу. Абаандаҩцәа еиуеиҧшым амаҵзурақәа ахьеиқәыршәоу еиуеиҧшым ақәыҧшыларақәа рзеиҿыркааит, иара убас, абаандаҩцәа рҭаацәара алахәылацәа ирҧылар ма авидеохархәагала ирацәажәар рылшоит. Рҭахрақәа реилкаареи рынагӡареи аҵакы ду амоуп», — илҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.
Лара лажәақәа рыла, Америка Қырҭтәыла ацхраара нанагӡоит, ҷыдала, аҳәса-профессионалцәа рхырхарҭала.
«Абри аконференциа ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп, Қырҭтәылазгьы иаҵанакәа рацәоуп, избанзар ари ауснагӡатә апроблемақәа аанарҧшуеит, имҩаҧгоу ареформақәа аанарҧшуеит. Уи ауааи рзинқәеи ахадаратә ҵакы ахьроуа асистема ҕәҕәа аҧҵара иацхраауеит. Абри аконференциа — ҧхьаҟа ицо шьаҿоуп», — илҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.