Робин Данниган – Америка еиҧш абас ҕәҕәала Қырҭтәыла иадгыло даҽа тәылак иҟам
32 шықәса рыҩныҵҟа Америка еиҧш абас ҕәҕәала Қырҭтәыла иадгыло даҽа тәылак иҟам, ацхыраара аҳасабала Қырҭтәыла иазоуҳажьҭхьеит ф-миллиард адоллар еиҳаны, – илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Робин Данниган апарламентаҿ данықәгылоз.
Адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет аилатәараҿы данықәгылоз ацҳаражәҳәаҩ ишылҳәаз ала, Америка Қырҭтәыла иадгылоит, убри аҟынтә, лара, ацҳаражәҳәаҩ лаҳасабала, атәылақәа реизыҟазаашьақәа иаҳа рырҕәҕәара илуалуп.
„Сара, ацҳаражәҳәаҩ лаҳасабала, атәылақәа реизыҟазаашьақәеи рпартниорреи иаҳа рырҕәҕәара исуалуп. Ар ҟаҧшь ала аннексиа аныҟаз, абарҭ атрагедиатә амшқәа рзы, даҽазнык иаабеит Америка еиҧш абас ҕәҕәала Қырҭтәыла иадгыло даҽа тәылак шыҟам. 32 шықәса рыла ҳара, ацхыраара аҳасабала, ф-миллиард адоллар еиҳаны Қырҭтәыла иазоуҳажьҭит. Сара сызҧылахьоу ақырҭуаа рацәа абри апартниорра аҟынтә ахырҳара ду роуит, уи еиҧш ақырҭуаа рацәа сырҧылахьеит – аофицарцәа, аҳәаахьчаҩцәа, аруаа, апрофессорцәа, астудентцәа, афермерцәа, абизнес маҷ ахаҭарнакцәа. Америка Қырҭтәыла иацхраауеит ахатә хьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ахьчараҿы. Америка зегьы реиҳа иҕәҕәаны Қырҭтәыла иадгыло атәылақәа иреиуп“, – илҳәеит Данниган.