Робин Данниган – 32 шықәса рыла Қырҭтыла иаҳҭеит ф-миллиард адоллар, USAID ақыҭанхамҩатә программа ҳара иҟаҳҵо ацхыраара аганахьала иҿыршыгоуп
USAID ақыҭанхамҩатә программа аҧнаҵеит 6 000 аусуратә ҭыҧқәа, 100 000ҩык раҟара ақырҭуаа рхашәала аизырҳараҿы ирыцхрааит, аиашаз, ари апрограмма Қырҭтәылаҿ ақыҭанхамҩатә сектор арҕәҕәеит, – илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Робин Данниган USAID ақыҭанхамҩатә программала еиҿкааз ауснагӡатә аҿы ажурналистцәа данрацәажәоз.
„Абра сахьыҟоу сеигәырҕьоит. Абра, Қырҭтәылаҿ USAID апрограмма ахыркәшара азгәаҳҭоит. 5 шықәса инагӡоз ари апрограмма 27 миллион адоллар иаҧсан, ари апрограмма Қырҭтәыла ақыҭанхамҩатә сенктор аҿиара иацхрааит. Ҳара Қырҭтәылеи Америкеи рпартниорра ирацәаны ҳалацәажәоит. 32 шықәса рыла Қырҭтыла иаҳҭеит ф-миллиард адоллар, USAID ақыҭанхамҩатә программа ҳара иҟаҳҵо ацхыраара аганахьала иҿыршыгоуп. Ари апрограмма аҧнаҵеит 6 000 аусуратә ҭыҧқәа, 100 000ҩык раҟара ақырҭуаа рхашәала аизырҳараҿы ирыцхрааит, аиашаз, ари апрограмма Қырҭтәылаҿ ақыҭанхамҩатә сектор арҕәҕәеит, – илҳәеит Данниган.