Робин Даниган - Ҳадгылоит Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анаршьаразы Еврокомиссиа Европатәи ахеилак азыҟанаҵаз абжьагара
ЕАШ адныҳәалара шәзаанажьҭуеит, ари идуӡӡоу аихьӡароуп, ҳара аентузиазм дула ҳадгылоит Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анаршьаразы Еврокомиссиа Европатәи ахеилак азыҟанаҵаз абжьагара, – илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Робин Даниган Қырҭтәыла ахада лхан аҟны имҩаԥгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.
„Ари ахҭыс шәара шәеиԥш, ҳара ҳзгьы иныҳәоуп, Европатәи шәымҩаҿ иҟашәҵаз даҽа ихадоу шьаҿоуп. Ишәыдаҳныҳәалоит. Евроеидгылагьы адысныҳәалар сҭахуп – Қырҭтәылеи егьырҭ аспират тәылақәеи рыдгыларазы алагала ду аман.
ЕАШ-и Евроеигылеи, Қырҭтәыла ахадеи, Қырҭтәыла аполитикатә напхгареи, аиҳабыреи, ажәлари рҟны аусеицура нарыгӡоит Қырҭтәыла апотенциал ареализациазы“, – илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Робин Даниган Қырҭтәыла ахада лхан аҟны имҩаԥгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.
Еврокомиссиа Европатәи ахеилак иабжьанагоит Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анаршьарц.