Роберта Метсола – Аҳәынҭқаррақәа зегьы асанкциақәа ишрықәныҟәо агәра ҳгарцаз аиҿцәажәарақәа рзы иарбанызаалак алшара ҳақәшаҳаҭуп
Роберта Метсола – Аҳәынҭқаррақәа зегьы асанкциақәа ишрықәныҟәо агәра ҳгарцаз аиҿцәажәарақәа рзы иарбанызаалак алшара ҳақәшаҳаҭуп

«Аҳәынҭқаррақәа зегьы асанкциақәа ишрықәныҟәо агәра ҳгарцаз аиҿцәажәарақәа рзы иарбанызаалак алшара ҳақәшаҳаҭуп. Уи Евроеидгыла иалалар зҭаху акандидат-тәылақәа изхысуа амҩа иаҧырхагам», —  Европарламент ахада  Роберта Метсола ари аҳәамҭа ҟалҵеит Прага.

Лара лажәақәа рыла, дара Евроеидгыла иалам, аха, асанкциақәа ирықәныҟәо, ишәарҭоу агәыла дызмоу  атәылақәа рыхьчароуп.

«Абас еиҧш иҟоу атәылақәа иреиуп Молдова. Убри аҟынтә, иацы имҩаҧгаз аиҧылара еиҧшу аиҧыларақәа ҳарзыразуп. Аҳәынҭқаррақәа зегьы асанкциақәа ишрықәныҟәо агәра ҳгарцаз аиҿцәажәарақәа рзы иарбанызаалак алшара ҳақәшаҳаҭуп.  Уи Евроеидгыла иалалар зҭаху акандидат-тәылақәа изхысуа амҩа иаҧырхагам. Ҳара  Евроеидгыла иалам, аха, асанкциақәа ирықәныҟәо, ишәарҭоу агәыла дызмоу  атәылақәа ҳахьчароуп», —  илҳәеит  Роберта Метсола.