Роберт Фицо – Киев  "Лукоил" анефҭ атранзит еиҭашьақәыдмыргылар , Словакиа Украинаҟа адизельтә былтәы анагара иаҟәыҵуеит  
Роберт Фицо – Киев  "Лукоил" анефҭ атранзит еиҭашьақәыдмыргылар , Словакиа Украинаҟа адизельтә былтәы анагара иаҟәыҵуеит  

Словакиа аҧыза-министр  Роберт Фицо иҳәамҭала,  Киев  “Лукоил” анефҭ атранзит еиҭашьақәыдмыргылар , Словакиа Украинаҟа адизельтә былтәы анагара иаҟәыҵуеит.

Фицо ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина ацҳаражәҳәаҩ  Мирослав Кастран даниҧылоз. Ари аинформациа аладырҵәеит украинатәи АИХқәа.

Асоциалтә аҳаҿы аларҵәара зауз авидеонҵамҭаҿы Фицо ишиҳәаз ала, анефҭ атранзит иахьалацәажәоз аиҧылараҿ иҟан Словакиа адәныҟатәиа усқәа рминистри аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩи.

«Украина аҵакырадгьыл ала “Лукоил” анефҭ атранзит еиҭашьақәыдмыргылар , Slovnaft Украинаҟа адизельтә былтәы анагара иаҟәыҵуеит», — иҳәеит  Фицо.

Словакиа аҧыза-министр иҳәамҭала, урыстәылатәи анефҭ атранзит аиҭашьақәыргылара  азҵаара  «атехникатә аӡбара» иадҳәалоуп, ари апроцесс иакымкәа атылақәа иалахәызароуп.

«Евроеидгыла Америка атоталтә нырра иалҵыр аҭахызар, Урыстәыла аус ацура аформақәа ирызхәыцроуп, астратегиатә ҵакы змоу аӡа аусхкы аҿы аусеицурагьы налаҵаны», — иҳәеит  Словакиа алидер.