Риши Сунак – Урыстәыла импыҵанахалаз  аҵакырадгьылқәа ирылҵаанӡа, ареалтә аиҿцәажәарақәа ҟамлароуп
Риши Сунак – Урыстәыла импыҵанахалаз  аҵакырадгьылқәа ирылҵаанӡа, ареалтә аиҿцәажәарақәа ҟамлароуп

 «Уажәтәи аҭагылазаашьаҿы амца аанкыларазы Урыстәыла ганкахьала иҟанаҵо иарбанызаалак ааҧхьара изакәызаалак ҵакык амам», —  иҳәеит Британиа Ду аҧыза-министр  Риши Сунак.

Иара ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Ригатәи асаммит аҿы.

«Урыстәыла анапхгара ари аамҭа рхы иадырхәоит рбџьармчқәа рырҕәҕәаразы,  дара импыҵархалаз аҵакырадгьылқәа ирылҵаанӡа,  изакәызаалак ареалтә аиҿцәажәарақәа ҟамлароуп», — иҳәеит Британиа ду аҧыза-министр.

Сунак иажәақәа рыла, жәларбжьаратәи аиҩызара апозициа еилкаауп,  дара Украина аҵакырадгьылтә акзаара иадгылоит.

«Избанзар,  раҧхьа иргыланы,  дара ршәарҭадара  — ҳара ҳшәарҭадароуп», — ациҵеит Британиа Ду аҧыза-министр.