Рикоттәи ахыҵхырҭаҿ  аиҭаҵра еиҭашьақәыргылоуп арежим ҷыдала
Рикоттәи ахыҵхырҭаҿ  аиҭаҵра еиҭашьақәыргылоуп арежим ҷыдала

Рикоттәи ахыҵхырҭаҿ арежим ҷыда шьақәыргылоуп. Автомобилтә мҩақәа рзы адепартамент ахантәаҩы Гьаргь Ҵереҭели ишиҳәаз ала, асааҭ  07:00 инаркны  19:00-нӡа амашьына ласқәеи   30 ҭыҧ еиҳамкәа измоу атранспорти аиҭаҵра рылшоит, асааҭ  21:00 инаркны  06:00-нӡа  — аидаратә машьынақәа еиҭаҵуеит.

«147-тәи акилометр аҿы ахаҳәлеира амшала амҩа иаркын. Уахгьы ҽынгьы имҩаҧысуаз арыцқьаратә усурақәа рыбзоурала амҩа дырҭбааит. Аусурақәа рышьҭахьҵәҟьа Рикоҭи атранспорттә аиҭаҵра еиҭашьақәыргылан.  Уажәазы аиҭаҵра ашәарҭадара еиқәыршәоуп. Уахгьы ҽынгьы амониторинг мҩаҧысуеит. Иацжәацы 147-тәи  акилометр аҿы ахаҳә леин, адгьылбгара ашәарҭара ахьыҟаз аҟынтә автомобилтә аиҭаҵра аанкылан. Уажәазы уаҟа агеологиатә ҭҵаарақәа мҩаҧысуеит, алҵшәақәа анҳаулак, аусурақәа наҳагӡоит», — иҳәеит Гьаргь Ҵереҭели.