Рикоттәи аҳапкылҵәа раҧхьатәи ҩ-километртәи ацыҧҵәаха аартуп
Рикоттәи аҳапкылҵәа раҧхьатәи ҩ-километртәи ацыҧҵәаха аартуп

Иахьа  Хеви-Убиса Рикоттәи амагистраль раҧхьатәи ҩ-километртәи ацыҵҧҵәаха аадыртит.   Уажәазы аиҭаҵра аартуп 4 цәаҳәак змоу ацыҧҵәахаҿы  (хырхарҭак ала), аамҭакала аргылара иаҿуп еицәтәараны  ицо 2 цәаҳәактәи амҩа.

Рикоттәи ахыҵхырҭа аргылара апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, идыргылоит  51,6 км. амҩеи,  96 ацҳақәеи,  53 аҳаҧкылҵәақәеи. Рикоттәи амҩаду апроект   80% активла аргылара иаҿуп.

Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр ишиҳәаз ала, Рикоттәи амагистраль – жәларбжьаратәи амагистраль Мрагылара – Мраҭашәареи  «Трансевропатәи атранспорттә аҳаи» рҿы крызҵазкәа хәҭоуп, уи Қырҭтәыла алогистикатәи атранзиттәи функциазы аҵакы ду амоуп.

Хеви-Убиса  ацыҧҵәаха дыргылоит Азиатәи аҿиара абанк афинанстә цхыраарала, апроект иалаҵоуп  732 миллион лари.  Рикоттәи ахыҵхырҭаҿы имҩаҧысуа аргылратә усурақәа зынӡа ирылаҵоуп  2,6 млрд. лари», —  иануп Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра аинформациаҿы.