Қырҭтәыла европатәи аҭаацәара алахәылоуп, избан акәзар ақырҭуа культура, аҭынхара европа иахәҭакуп. Қырҭтәыла амҩатә хсаала ҳахцәажәароуп, – иҳәеит Европарламент алахәыла Ричард Чарнецки.
Чарнецки иажәақәа рыла, Қырҭтәыла астатус анарымҭа, агха ҟарҵеит.
“ЕВропахь амҩа аркьаҿразы аус еицыжәуроуп. Қырҭтәыла Молдовеи Украинеи ирымоу астатус амазароуп. Ҵыԥх Қырҭтәыла астатус анаҳамҭа, агха ҟаҳҵеит, аха сынтәа, ҭагаларазы Қарҭ иконкрету ажәалагала адгаҳгаларц азы аамҭа бзиоуп.
Урыстәыла ихадароу аполитикатә факторуп, ари ибзиаӡаны еилаҳкаароуп, Қырҭтәыла ашәарҭадаратә гарантиақәа аҳҭароуп, ҳадгылароуп, избан акәзар Урыстәыла Қырҭтәылеи, Молдовеи, Украинеи рзы мацара акәым, Европа зегь азы ашәарҭа аанарԥшуеит”, – иҳәеит Ричард Чарнецки.