Reuters – Хара имгакәа Франциа Украинаҟа арратә инструкторцәа дәықәнаҵар ҟалап
Reuters – Хара имгакәа Франциа Украинаҟа арратә инструкторцәа дәықәнаҵар ҟалап

Хара имгакәа Франциа Украинаҟа арратә инструкторцәа дәықәнаҵар ҟалап.  Reuters ишану ала, Франциа анапхгара ари атәы аарыцҳар ҟалап иааиуа амчыбжь азы, Украина ахада ивизитаан.

Reuters аинформациа азҭаз адипломатцәа рдыррала, Франциа егьырҭ атәылақәагьы Украина ацхрааразы абри аҩыза шьаҿа ҟарҵап ҳәа игәыҕуеит, аха Евроеидгыла иалоу тәылақәак ишиашо Урыстәыла аҿагылара иацәшәоит.

Reuters адыррақәа рыла, аханатә, миссиа ахәшьараҭаразы, ирацәамкәа аперсонал дәықәырҵоит, анеҩс,  Украинаҟа идәықәлоит шәкыла аинструкторцәа.

Украина ахада  Владимир Зеленски Франциаҟа днеираны дыҟоуп рашәара ​​6 рзы.