Reuters - Олаф Шольц,  Украина ирццакны НАТО алалара акәымкәа,  ашәарҭадара агарантиақәа  ақәиргәыҕуеит
Reuters - Олаф Шольц,  Украина ирццакны НАТО алалара акәымкәа,  ашәарҭадара агарантиақәа  ақәиргәыҕуеит

Германтәыла аканцлер Олаф Шольц Украина ирццакны НАТО алалара акәымкәа,  ашәарҭадара агарантиақәа  ақәиргәыҕуеит. Агентра Reuters аинформациа инақәыршәаны, Германтәыла аканцлер ари аҳәамҭа  ҟаиҵеит Бундестагаҿ данықәгылоз.

Иара ишиҳәаз ала, Украина аибашьра ахьынӡамҩаҧысуа, ари атәыла Алианс изалалом.

«Уажәтәи аҭагылазаашьа ҳахшыҩ азышьҭны ҳахәаҧшроуп. Украина анапхгарагьы иазхарҵеит аибашьра ахьынӡамҩаҧысуа НАТО ишзаламло. Сара Вильниус имҩаҧысраны иҟоу НАТО асаммитаҿ Украина арратә алшарақәа реизырҳара алацәажәара сақәшаҳаҭуп.  Ҳара, апартниорцәа зегьы, Украиназы  ашәарҭадара агарантиақәа реиқәыршәаразы аус аауеит.  Ҳара Украина арратә цхыраара аҭароуп хықәкыс иҳамоу», — иҳәеит  Шольц.