Reuters – Германтәыла атәылахьчара аминистр Украина атанкқәа аҭаразы мап лкит
Reuters – Германтәыла атәылахьчара аминистр Украина атанкқәа аҭаразы мап лкит

Германтәыла атәылахьчара аминистр Украина атанкқәа аҭаразы мап лкит. Агентра  Reuters адыррала,  Кристин Ламбрехт ари аҳәамҭа  ҟалҵеит Берлин.

«Иахьа уажәраанӡагьы тәылакгьы мраҭашәаратә аибашьратә машьынақәа ма аибашьратә танкқәа дәықәнамҵацит.  Ҳпартниорцәеи ҳареи ҳшеиқәшаҳаҭхаз ала, Германтәыла ганкахьала абри аҩыза ашьаҿа ҟанаҵом», — илҳәеит  Ламбрехт.