Reuters адыррала, Вильниус имҩаҧысуа НАТО асаммит ашәарҭадара еиқәдыршәоит зықь цыра ҳаамҭазтәи бџьар
Reuters адыррала, Вильниус имҩаҧысуа НАТО асаммит ашәарҭадара еиқәдыршәоит зықь цыра ҳаамҭазтәи бџьар

Вильниус имҩаҧысуа НАТО асаммит ашәарҭадара еиқәдыршәоит зықь цыра ҳаамҭазтәи бџьар. Агентра «Реитер» ишану ала, алианс иалоу 16 ҳәынҭқаррақәа,       ҧхынгәы 11-12 рзы Вильниус имҩаҧысуа НАТО асаммит ахьчара иазыркит  арратә мчқәеи, арратә авиациеи, ҳаамҭазтәи атехникеи.

Урҭ иреиу Германтәыла  Вильниус иқәнаргылоит  12 азенит-ракетатә комплексқәа  Patriot.

Испаниагьы абри аҩызаҵәҟьа акомплексқәа дәықәнаҵеит, Франциа  — зхала иныҟәо агаубицқәа. Финлиандиеи Даниеи Литва идыргылоит арратә авиациа.

Асаммит ихы алаирхәоит Америка ахада Џьо Баиден. Европа дахьынӡаҟало, Америка ахада Британиа Дуи Финдиандиеи дырҭаауеит.