Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан, Палестина ауаа рацәа рҭахара иадҳәаланы, Ҭырқәтәыла хымштәи аџьабара рылеиҳәеит.
«Аҭырқәа жәлар палестинатәи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ргәырҩеи рхьааи реицаҳшоит. Зқьҩыла ауаа ҭахеит, урҭ реиҳара акгьы зхарамыз ахәыҷқәеи аҭынчуааи ракәын, арҭ ауаа ҳаҭырла ргәаларшәаразы Ҭырқәтәыла хымштәи амилаҭтә аџьабара рылаҳәоуп», — иҩит Ердоган Twitter аҿы.