Реџьеп Таип Ердоӷан - "Ҳамас" алидерцәа Ҭырқәтәыла адгылара ӷәӷәа рымоуп
“Ҳамас” алидерцәа Ҭырқәтәыла адгылара ӷәӷәа рымоуп, – иҳәеит Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан Сҭамԥыл данықәгылоз.
“Ҳамас” атерористтә аиҿкаара ауп ҳәа азхаҵара ҳгәы иҭам. Ҭырқәтәыла “Ҳамас” алидерцәа рҟны иаартны ацәажәара зылшо тәылоуп, ҳадгьыларагьы рымоуп”, – иҳәеит Ердоӷан.