Рати Ионаҭамишвили – Рыцҳарас иҟалаз, Саломе Зурабишвили адезинформациа хыҵҵырҭас дҟалеит
Рати Ионаҭамишвили – Рыцҳарас иҟалаз, Саломе Зурабишвили адезинформациа хыҵҵырҭас дҟалеит

«Рыцҳарас иҟалаз, Саломе Зурабишвили адезинформациа хыҵҵырҭас дҟалеит», — иҳәеит  «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәыла  Рати Ионаҭамишвили Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу аҿы.

Иара иажәақәа рыла ,  Зурабишвили ажәлар ргәазыҳәареи ргәалаҟазаареи акәымкәа, лара адҵақәа лызҭо ргәахәтәқәа роуп иаалырҧшуа.

«Абри ауп лҭагылазаашьа зырцәгьо. Лара аихшьаала иаша лзыҟамҵар, ҳҭоурыхаҿ  адезинформациа хыҵҵырҭас дҟалоит», — иҳәеит  Ионатамишвили.

Қырҭтәыла ахада  Саломе Зурабишвили агазеҭ  «Ле Фигаро» аинтервиу аҿы ишылҳәаз ала,  «ааҧынразтәи апротестқәа рышьҭахь анапхгаратә партиа иҧсыҽхеит, аҭҵаарақәа инрықәырәшаны, алхрақәа рҿы  25% еиҳаны ирзыгом».