Рати Ионатамишвили иҳәамҭала, Михаил Саакашвили амнистиа идкьыслом
Рати Ионатамишвили иҳәамҭала, Михаил Саакашвили амнистиа идкьыслом

«9 миллионк лари хықәкыда инызхыз, аоппонентцәа гәымбылџьбарада ирызныҟәоз, зхатә политикатәи аҳәынҭқарратәи маҵзураҭыҧ цәгашақәа зхы иазырхәоз ауаҩы изакәызаалак амнистиак идкьыслар ҟалом», —  иҳәеит  «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәыла  Рати Ионатамишвили.

Иара иажәақәа рыла, Саакашвили идгылаҩцәа рхыҧхьаӡара маҷхеит.

«Аоппозициаҿ акриминалтә меналитет змоу ауаа рацәоуп. Страсбургтәи аӡбарҭа изныкымкәа арҭ ауаа рус иахәаҧшхьеит. Страсбургтәи аӡбарҭа Михаил Саакашвили изҵааразы аспекулиациақәа рҵыхәа ҧнаҵәеит.  Иахьа Михаил Саакашвили дполитбаандаҩуп ҳәа шәҳәоит, аха,  шьаҭс иуҧхьаӡаша хыҵҵырҭакгьы шәымам. Саакашвили идгылоз ауаа рхыҧхьаӡара маҷхеит», — иҳәеит  Ионатамишвили.

«Ақырҭуа гәахәтәы»  «Амнистиа иазку» азакәанпроект цәырнагеит.