Рати Ионатамишвили Апаралимпиатә комитет ахадас деиҭалырхит #1TVSPORT
Асасааирҭа «Шератон Метехи Палас» аҿы имҩаҧысит Қырҭтәыла Апаралимпиатә комитет алхратә аизараду, уи аҿы Рати Ионатамишвили ари аиҿкаара ахадас деиҭалырхит.
Аизараду рхы аладырхәит апараспортсменцәеи, Аолимпиатә комитети Аспорт азы аминистрреи рхаҭарнакцәеи.
Аделегатцәа Ионатамишвили Апаралимпиатә комитет ахадас далырхит ҧшьышықәса аҿҳәара иҭаны. Иара ишиҳәаз ала, Апаралимпиатә комитет абиуџьет 400 наӡынала иазҳаит. Анеҩстәи ашықәсқәа рзы ахадаратә ҳасабтәхоит апаралимпиатә азыҟаҵара ацентр ҿыц аргылара. Қырҭтәыла Апаралимпиатә комитет ахада ишиҳәаз ала, дара, хымҧада Ауаажәларратә дырраҭара аус ацыруроуп, избанзар, уи апаралимпиатә спортхкқәа рӡыргара иацхраауеит.