Рати Брегаӡе  - Саакашвилии иуацәеи ахәышәтәра апроцессаҿ атәым аҳақьымцәа рылахәызаара иазкны аҳәара ҟарымҵацт, дара ирҭаху аҳақьымцәа рсиа ҳазцәырыргар, мап ҳкуам
Рати Брегаӡе  - Саакашвилии иуацәеи ахәышәтәра апроцессаҿ атәым аҳақьымцәа рылахәызаара иазкны аҳәара ҟарымҵацт, дара ирҭаху аҳақьымцәа рсиа ҳазцәырыргар, мап ҳкуам

«Саакашвилии иуацәеи ахәышәтәра апроцессаҿ атәым аҳақьымцәа рылахәызаара иазкны аҳәара ҟарымҵацт, дара ирҭаху аҳақьымцәа рсиа ҳазцәырыргар, аминистрреи Апенитенциартә усбарҭа хадеи мап ркуам, — иҳәеит Қырҭтәыла аиустициа аминистр Рати Брегаӡе  аиҳабыра иахьатәи реилатәара ашьҭахь.

«Польшатәи аҳақьымцәа Михаил Саакашвили ибара азин раҳамҭоушәа аларҵәара зауз адезинформациа сзааҭгылар сҭахуп. Ажәлар иргәаласыршәар сҭахуп абҵара 29 рзы ҳара Михаил Саакашвили иарбанызаалак аҳәаанырцәтәи аклиника аҟынтә аҳақьымцәа раагара шидаагалаз. Анеҩс,  хымш раҧхьа ҳара даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәеит аминистрреи Апенитенциартә маҵзура ҷыдеи дарбанызаалак атәым аҳақьым Михаил Саакашвили ихәышәтәра далагар мап шаҳамкуа», — иҳәеит  Рати Брегаӡе.

Иара иажәақәа рыла, иахьа, аиҳабыра реилатәара иалагаанӡа, иара даҽазнык игәеиҭеит, аха, асааҭ  13:00 рзы иҟаз аҭагылазаашьа ала,  Михаил Саакашвилии иҭаацәареи Саакашвили ихәышәтәразы атәым аҳақьымцәа раагара аҳәарала арзаҳал аларымҵацт.