Қырҭтәыла аиустициа аминистр Рати Брегаӡе ишиҳәаз ала, Михаил Саакашвили ақырҭуа политика алахәызаара иҭахызар, иара ақырҭуа атәылауаҩра имазароуп.
Брегаӡе иажәақәа рыла, Саакашвили ақырҭуа политика алахәызаара азин имам.
«Ауаҩы ақырҭуа политика алахәызаара иҭахызар, иара ақырҭуа атәылауаҩра имазароуп. Мамзар, иара ақырҭуа политика дзалахәхәом. Михаила Саакашвили ақырҭуа атәылауаҩра имам, , убри аҟынтә, аполитика алахәызаара иҭахызар, ақырҭуа атәылауаҩра иоуроуп. Қырҭтәыла Аконституциа инақәырәшаны, ари азҵааразы аҵыхәтәантәи аӡбара лыдылкылоит атәыла ахада», — иҳәеит Рати Брегаӡе.