Рати Брегаӡе  - Қырҭтәыла атәылауаа ирзышьақәыргылоу асанкциақәа иҵаҵгәыркымзар, ҳәарада, уи ихырхараны иҟаҵоуп, аӡәы абри аҩыза аӡбара анидикыло, хымҧада амзызқәа ааирҧшыроуп
Рати Брегаӡе  - Қырҭтәыла атәылауаа ирзышьақәыргылоу асанкциақәа иҵаҵгәыркымзар, ҳәарада, уи ихырхараны иҟаҵоуп, аӡәы абри аҩыза аӡбара анидикыло, хымҧада амзызқәа ааирҧшыроуп

Қырҭтәыла аиустициа аминистр Рати Брегаӡе иҳәамҭала, ҧшьҩык Қырҭтәыла атәылауаа асанкциақәа рзышьақәыргылара мзызс иамаз изеилкаауам.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла атәылауаа изышьақәыргылоу асанкциақәа иҵаҵгәыркымзар, ҳәарада, уи ихырхараны иҟаҵоуп.

«Ҳтәылауаа асанкциақәа рзышьақәыргылара мзызс иамаз сзеилкаауам.  Украинатәи ачинҳаракҩык уаанӡагьы аргама ааҧхьара ҟаиҵон Қырҭтәыла аибашьра алагалара иазкны.  Қырҭтәыла анапхгара ари аҳәамҭа атәарымбеит. Ҳара аҭынчреи ҳмилаҭтә интересқәеи роуп раҧхьа иргыланы ҳзызхәыцуа.   Изакәызаалак аилыркаарак ҟамҵакәа ҳтәылауаа асанкциақәа рзышьақәдыргылозар, ҳтәыла ибзианы иазныҟәоит ҳәа сызшәаҳәом.

Сара спозициа абас ауп ишыҟоу, Қырҭтәыла атәылауаа ирзышьақәыргылоу асанкциақәа иҵаҵгәыркымзар, ҳәарада, уи ихырхараны иҟаҵоуп. Абри аҩыза аӡбара здызкыло ауаҩҧсы, хымҧада амзызқәа ааирҧшыроуп», — иҳәеит Рати Брегаӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.