Рашәара 27 рзы Қырҭтәыла даҭаауеит Азербаиџьан адәныҟатәи аусқәа рминистр

15:04, 26.06.2024

Рашәара  27 рзы аофициалтә визитла  Қырҭтәыла даҭаауеит Азербаиџьан адәныҟатәи аусқәа рминистр  Џьеихун Баирамов.

Азербаиџьан адәныҟатәиа аусқәа рминистр Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи, Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии дырҧылоит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, аминистрцәа реиҧылараҿы ҩ-ганктәи аусеицура иаҵанакуа азҵаарақәеи арегионалтә усеицуреи иалацәажәоит. Аиҧылара ашьҭахь аминистрцәа апрессазы аҳәамҭақәа ҟарҵоит.

Еиԥшу