Рашәара  27 рзы Қырҭтәыла даҭаауеит Азербаиџьан адәныҟатәи аусқәа рминистр
Рашәара  27 рзы Қырҭтәыла даҭаауеит Азербаиџьан адәныҟатәи аусқәа рминистр

Рашәара  27 рзы аофициалтә визитла  Қырҭтәыла даҭаауеит Азербаиџьан адәныҟатәи аусқәа рминистр  Џьеихун Баирамов.

Азербаиџьан адәныҟатәиа аусқәа рминистр Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи, Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии дырҧылоит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, аминистрцәа реиҧылараҿы ҩ-ганктәи аусеицура иаҵанакуа азҵаарақәеи арегионалтә усеицуреи иалацәажәоит. Аиҧылара ашьҭахь аминистрцәа апрессазы аҳәамҭақәа ҟарҵоит.