Раса Иукниавичене – Қырҭтәыла еснагь адгылара амазаауеит, саргьы садгылоит, аха, атәыла еилнакаароуп Европа алахәызаара иаанаго, ҷыдала атәыла аиҳабыра
«Қырҭтәыла еснагь адгылара амазаауеит, саргьы садгылоит, аха, атәыла еилнакаароуп Европа алахәызаара иаанаго, ҷыдала атәыла аиҳабыра», — илҳәеит Европарламент адепутат Раса Иукниавичене ақырҭуа журналистцәа данрацәажәоз.
Лара лажәақәа рыла, Евроеидгыла алаларазы акандидат-тәыла цыҧхьаӡа хазы иахәаҧшуеит, ари апроцесс мышкала изхыркәшахом.
«600ҩык европарламентарцәа Евроеидгыла алаларазы Украина акандидатура ахәаҧшразы адискуссиа алагара иазку арезолиуциа иақәшаҳаҭхеит. Ҳәарада, Қырҭтәылагьы еснагь адгылара амазаауеит, саргьы садгылоит, аха, атәыла еилнакаароуп Европа алахәызаара иаанаго, ҷыдала атәыла аиҳабыра. Сара ақырҭуа жәлар рыгәра згоит, аха, атәыла уажәтәи аиҳабыра усҟак рыгәра згом. Дара зны-зынла Европа ишақәнагам ала рхы мҩаҧыргоит. Ҳәарада, сара Қырҭтәыла садгылоит, аха, егьи аганахьала, ари апроцесс мышкала изхыркәшахом, атәыла цыҧхьаӡа хазы ҳахәаҧшуеит», — илҳәеит Раса Иукниавичене.