Рамзан Кадыров ишааицҳаз, аҭыԥ ааникылоижьҭеи кыршықәса ҵуеит, убри аҟынтә зыҿҳәара рацәоу аԥсшьара иқәнагоит
Чечентәыла алидер Рамзан Кадыров ишааицҳаз, аҭыԥ ааникылоижьҭеи кыршықәса ҵуеит, убри аҟынтә зыҿҳәара рацәоу аԥсшьара иқәнагоит.
Ари атәы Кадыров “Телеграм” аҿы ааицҳаит.
“Сҩызцәа, иахьа ишсаҳаз, Урыстәылатәи Афедерациаҿ иҟоу асубиектцәа рыбжьара “акәра ду змоу” анапхгаҩы соуп. Ари саргьы издыруеит. Убри аҟынтә зыҿҳәара рацәоу аԥсшьара сықәнагоит ҳәа сгәы иаанагоит”, – иҩит Кадыров.
Кадыров иажәақәа рыла, 15 шықәса ҵуеит Чечентәылатәи ареспублика дахагылоижьҭеи.
Рамзан Кадыров Чечентәыла 2007 шықәса инаркны дахагылоуп.