Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Андриус Калиндра иҟны аиҧылара хыркәшоуп

16:54, 31.05.2024

«Сынтәа Қырҭтәылеи Литвеи рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны  30 шықәса аҵра иазгәарҭоит, убри аҟынтә, Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы ҳаизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбааразы иҟоу алшарақәа ҳрылацәажәеит», – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Литва ацҳаражәҳәаҩ  Андриус  Калиндра Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаҧгаз аиҧылара ашьҭахь.

Ацҳаражәҳәаҩ иазҵааит: «Литва адәныҟатәи аусқәа рминистр Қырҭтәыла ивизит шәалацәажәама?» ҳәа, Калиндра  абас аҭак ҟаиҵеит: «Ҳагьалацажәеит ҳагьаламцәажәеит».

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Калиндра диҧылеит Европа адепартамент адиректор Гиа Зурабашвили.

 

Еиԥшу