Қырҭтәыла авице-аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани украинатәи иколлега Дмитри Кулеба ҭелла диацәажәеит.
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, аиҿцәажәараан Давиҭ Залкалиани даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.
Иара убас, Давиҭ Залкалиани иаҵшьны иазгәеиҭеит ампыҵахалара азҵаара иадҳәаланы Қырҭтәылеи Украинеи рпроблемақәа шеиҧшу.
«Аганқәа рхаҭарнакцәа Украина аҳәааҿы аҭагылазаашьа иалацәажәеит.
Иара убас, Қырҭтәылеи Украинеи рызҵаара иадҳәаланы жәларбжьаратәи апартниорцәа рпозициа ибзианы иахцәажәеит.
Аҭелтә аиҿцәажәараан жәларбжьаратәи аплатформақәеи Украинеи Қырҭтәылеи реимадареи иазааҭгылеит. Аминистрцәа ҳаҧхьаҟагьы иҳараку аҩаӡараҟны аимадареи уажәазы имҩаҧысуа апроцесс ирызкны аинформациа аиҭныҧсахлара анагӡареи азы еиқәшаҳаҭхеит», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.