Қырҭтәылеи Украинеи, Молдовеи Евроеидгыла акандидат статус анашьара иазку Еврокомиссиа алкаа рашәара 17 рзы еилкаахоит
Қырҭтәылеи Украинеи, Молдовеи Евроеидгыла акандидат статус анашьара иазку Еврокомиссиа алкаа рашәара 17 рзы еилкаахоит

Қырҭтәылеи Украинеи, Молдовеи Евроеидгыла акандидат статус анашьара иазку Еврокомиссиа алкаа рашәара 17 рзы еилкаахоит.

Ари атәы ааицҳаит Еврокомиссиа апрессмаӡныҟәгаҩ Ерик Мамер.

“Апрессаҿ саԥхьеит акомиссиа аӡбара аднакылахьеит ҳәа. Ари ииашам. Иацы акомиссиаҿаӡбара рыдрымкылеит. Имҩаԥган аориентациатә дебатқәа, урҭ рыла аколлегиа алахәылацәа рпозициақәа аарԥшразы алшара роуит. Ахәашаҽны акабинетқәа рдиректорцәа еиԥылоит. Ахәашаҽны аколлегиа адебатқәа мҩаԥнагоит,уи ашьҭахь алкаа иӡыргахоит. Ари истандарту апроцедуроуп,” – иҳәеит аспикер.