Қырҭтәыла Шанхаитәи атуристтә цәыргақәҵа аҽаланархәоит апартниор-тәыла астатусла 
Қырҭтәыла Шанхаитәи атуристтә цәыргақәҵа аҽаланархәоит апартниор-тәыла астатусла 

Қырҭтәыла Шанхаитәи атуристтә цәыргақәҵа аҽаланархәоит апартниор-тәыла астатусла.

Азиатәи арегионаҿ идуӡӡоу атуристтә цәыргақәҵа аартранӡа мышкы аанхеит. Қырҭтәыла ахаҭарнакцәа аҵыхәтәантәи азыҟаҵаратә усурақәа мҩаҧыргоит.

Қырҭтәыла астенд гәарҭеит  аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр лхаҭыҧуаҩ Иракли Надареишвилии, акультура аминистр ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Мирцхулавеи, Атуризм амилаҭтә администрациа анапхгаҩы Маиа Омиаӡеи.

Қырҭтәыла иазку афото-видео материалқәа цәыргоуп Шанхаитәи аҳаирабаҕәазақәеи ақалақь ашҭа хадақәеи рҿы. Қырҭтәыла иазку авидеоҭыхымҭақәа иоурыжьҭуеит китаитәи АИХқәеи арыцхәтә каналқәеи.

Шанхаитәи ацәыргақәҵа аадыртуеит лаҵара  26 рзы. Қырҭтәыла астенд иаҭаауа асасцәа ақырҭуа аҩи ачыси ргьама рбар рылшоит.

Шанхаи имҩаҧысуа ацәыргақәҵаҿы иқәгылоит ақырҭуа ансамбль «Русҭави».