Қырҭтәыла-Шәамахьтәыла аматч азы абилеҭқәа рыҭира иалагоит жәабран  27 рзы
Қырҭтәыла-Шәамахьтәыла аматч азы абилеҭқәа рыҭира иалагоит жәабран  27 рзы

Қырҭтәыла аизгеи Шәамахьтәыла аизгеи еиҧылоит Амилаҭқәа рлига плеи-офф аҿы. Актәи аматч мҩаҧысуеит Ереван, хәажәкыра  20 рзы. Хәажәкыра 23 рзы ақырҭуа шьапылампыласҩцәа ашәамахьаа ирацлабуеит  «Динамо-Арена» аҿы.

Қырҭтәыла Ашьапылампыл азы  афедерациа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Қарҭ имҩаҧысуа аматч азы абилеҭқәа рыҭиара иалагоит жәабран  27, асааҭ  12:00 рзы.

Абилеҭқәа  20, 40, 70,  100 лари иаҧсоуп, уаҩҧсык 4 билеҭк иреиҳаны изаахәом.

Хәажәкыра  20 рзы Ереван имҩаҧысуа аматч азы абилеҭқәа рыҭира иалагоит жәабран  28, асааҭ  12:00 рзы. Абилеҭ  10 лари иаҧсоуп, уаҩҧсык 2 билеҭк ааихәар илшоит.

Абилеҭқәа рҭиуеит аонали, аплатформа TKT.GE. ала.