Қырҭтәыла, ирласу арежимла,  Евроеидгылашҟа азыҳәамҭа аланаҵоит акандидат истатус аиуразы
Қырҭтәыла, ирласу арежимла,  Евроеидгылашҟа азыҳәамҭа аланаҵоит акандидат истатус аиуразы

Қырҭтәыла, ирласу арежимла,  Евроеидгылашҟа азыҳәамҭа аланаҵоит акандидат истатус аиуразы, –   — иҳәеит Қырҭтәыла анапхгаратә партиа ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе иахьатәи абрифинг аҿы.

Кобахиӡе иажәақәа рыла,  «Ақырҭуа гәахәтәы» Евроеидгыла алаларазы  2024 шықәсазы азыҳәамҭа аҟаҵара ргәы иҭан, аха, азеиҧш политикатә контексти уажәтәи ареалреи иазҧхьагәаҭаны, зыҧшра ҟамҵакәа азыҳәамҭа ҟарҵарц рыӡбеит.

«Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили анапхгара ззиуа Қырҭтәыла аиҳабыра Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус аиуразы азыҳәамҭа дырмазеиуеит, уаҵәы, Қырҭтәыла аиҳабыра рыхьӡала, Евроеидгыла аструктурақәа аофициалла азыҳәамҭа рыдаагалоит.

Евроеидгыла аструктурақәа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит зыҧшра ҟамҵакәа азыҳәамҭа иахәаҧшны,  Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьаразы аӡбара рыдыркыларц.

Ҳара гәазыҳәарак, аполитикатә хықәкык ауп иҳамоу  – Қырҭтәыла аекономикатә ганахьала иҕәҕәоу европатәи тәылас иҟалар ҳҭахуп. Абри ауп ҳаиҳабыра иҟарҵо ашьаҿа цыҧхьаӡа зызку, иахьатәи аӡбарагьы уахь иналаҵаны», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.