Қырҭтәыла импыҵахалоу арегионқәа рҿы ауааҧсыра ирыҭоу урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рызхаҵамра иазку Евроеидгыла аӡбара амч аиуеит ҧхынҷкәын 22 инаркны
Қырҭтәыла импыҵахалоу арегионқәа рҿы, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи ауааҧсыра ирыҭоу урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рызхаҵамра иазку Евроеидгыла аӡбара амч аиуеит ҧхынҷкәын 22 рзы. Европарламенти Евроеидгыла Ахеилаки ари аӡбара ианақәшаҳаҭха ашьҭахь, уи кьыҧхьын Евроеидгыла Аофициалтә журналаҿы.
Аинформациа ишану ала, 2008 шықәса цәыббра 1 азы, Европа Ахеилак, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азхаҵара иазкны Урыстәылатәи афедерациа иаднакылаз аӡбара ҕәҕәала иақәыӡит.
Евроеидгыла ажурнал иану аинформациаҿы ишазгәаҭоу ала, аӡбара адкылара аамҭазы Қырҭтәыла ахылаҧшра аҵара иҟам, Қырҭтәылатәи арегионқәа рҿы — Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи ауааҧсыра ирыҭоу анәҟаратә документқәа рызхаҵамразы аӡбара рыдыркылахьеит, мамзаргьы аӡбара адкылара апроцессаҿ иҟоуп Евроеидгыла иалоу атәылақәеи, иара убас, Исландиеи, Норвегиеи, Швеицареи, Лихтенштеини.